Текст песни
Уа уарада, уа рада
Ишҧазури дысгәаҧхоит
Башоуп ишәҳәо, са стәы сҳәоит
Ишҧазури дысгәаҧхоит
Нан са исҳәо аабырҳа
Хьымӡӷуп жәларык рҭыҧха
Дарбан шьҭрадоу ибгәаҧхаз
Нан ибаҳҳәахьо аабзырха
Уа уарада, уа рада
Ишҧазури дысгәаҧхоит
Башоуп ишәҳәо, са стәы сҳәоит
Ишҧазури дысгәаҧхоит
Бабгьы исаиҳәеит бибаӡом
Урҭқәа бдыруеит ичҳаӡом
Башьцәа ракәзар ирызҳәаӡом
Аха маҳәыс дыргәаҧхом
Зегьы исарҳәо мшәан акоуп
Ибгәаҧхада беилагоуп
Иоура кьаҿуп иҧшра цәгоуп
Ҟазшьалагьы дыхҧароуп
Игәамҭаӡақәа сышбылуа
Иџьасшьоит ирҳәо ахьсаҳауа
Зегь башаӡа шәгәы сзынхоит
Ишҧазури дысгәаҧхоит
Ишәҳәо иашоуп агәра згоит
Аха усгьы дысгәаҧхоит
Уа уарада, уа рада
Ишҧазури дысгәаҧхоит
Башоуп ишәҳәо, са стәы сҳәоит
Ишҧазури дысгәаҧхоит
Похожие исполнители